Арыцҳашьара; аӡәы ихьаа ицеиҩшара
Излааԥшуазеи арыцҳашьара?
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Аԥс 51:1, 2. Аҳ Давид Иегова диҳәон арыцҳашьара аарԥшны ианаижьырц, игәнаҳақәа рҟынтә дирыцқьарц.
-
Лк 10:29—37. Иисус арыцҳашьара закәу даналацәажәоз, ауриа иахь арыцҳашьареи агәыразреи аазырԥшыз самариатәи ахаҵа изкыз аҿырԥштәы ааигеит.
-
Избан ауаа зегьы арыцҳашьара изаргәаҟуа?
Аԥс 130:3; Ек 7:20; 1Ин 1:8
Шәахәаԥш иара убас 1Аҳ 8:46—50
Иабантәиҳдыруеи Иегова арыцҳашьара злоу Анцәа шиакәу?
Ақәҵ 34:6; Не 9:17; Аԥс 103:8; 2Кр 1:3
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Иов 42:1, 2, 6—10; Иак 5:11. Иегова Иов иахь арыцҳашьара ааирԥшуан. Иаргьы егьырҭ рахь арыцҳашьара ааирԥшларц иирҵон.
-
Лк 15:11—32. Иисус Иегова шаҟа арыцҳашьара илоу даналацәажәоз, аб ииашамкәа зхы мҩаԥызгоз, аха нас иахьхәыз иԥа дышидикылаз атәы аҿырԥштәы ааигеит.
-
Избан Иегова ҳара ҳахь арыцҳашьара зааирԥшуа?
Шәахәаԥш иара убас Тит 3:4, 5
Рольс иамоузеи Христос икеиҭәаз ашьа, насгьы иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи ҳара, ҳагәнаҳақәа ҳанажьхарц азы?
Избан Анцәа ҳрыцҳеишьаларц азы еснагь ҳиҳәалар зҳахәҭоу, насгьы уи ҳзыԥсоу ак еиԥш ҳамыхәаԥшлар закәу?
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Аԥс 51:1—4. Аҳ Давид иҟаиҵаз агәнаҳақәа рзы даара иламыс даргәаҟуан, насгьы ахынраалара аарԥшны Иегова диҳәон дрыцҳашьаны ианаижьырц.
-
Лк 18:9—14. Иисус иааигаз аҿырԥштәы иҳаилнаркаауеит Иегова ахынраалара аарԥшны зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа рахь арыцҳашьара шааирԥшуа.
-
Избан Анцәа агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ауаагьы рыцҳаишьар ауеит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
Ҩнтә 4:29—31; Иса 55:7
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
2Аш 33:9—13, 15. Аҳ Манассиа агәнаҳа ӷәӷәақәа рацәаны иҟаиҵеит, аха иара урҭ дрыхьхәын, Иегова дрыцҳаишьарц диҳәеит. Анцәа уи ҿыц аҳас дҟаиҵеит. Анаҩс Манассиа иԥсҭазаашьа зегь иаанарԥшит иҽшиԥсахҵәҟьаз.
-
Ион 3:4—10. Ниневиа инхоз ауаа даараӡа игәымбылџьбаран, ауаа рацәаҩны иршьуан, аха рыгәнаҳақәа ианрыхьхәы, Анцәа урҭ рахь арыцҳашьара ааирԥшит.
-
Избан Иегова ҳара ҳахь арыцҳашьара ааирԥшырц азы агәнаҳа шыҟаҳҵаз иаартны иаҳҳәар, насгьы ҳаҽҳариашар зҳахәҭоу?
Аԥс 32:5; Ажәм 28:13; 1Ин 1:9
Иегова арыцҳашьара ааирԥшыргьы, уи иаанагаӡом иҟаҳҵаз агәнаҳа иаанаго алҵшәа бааԥсқәа ҳрыцәцоит ҳәа, насгьы ҳахьдырхәӡом ҳәа.
Ақәҵ 34:6, 7; 2См 12:9—13
Избан егьырҭ рахь арыцҳашьара ааҳарԥшлар зҳахәҭоу?
Егьырҭ рахь арыцҳашьара ааҳмырԥшуазар, ишԥаныԥшуеи уи Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара?
Шәахәаԥш иара убас Ажәм 21:13
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Мф 18:23—35. Иисус иааигаз аҿырԥштәы иаҳнарбоит Иегова арыцҳашьара аазмырԥшуа рахь арыцҳашьара шааимырԥшуа.
-
Лк 10:29—37. Иисус иааигаз аҿырԥштәы иаҳнарбоит аӡәы арыцҳашьара анааимырԥшуа, уи Иеговеи Иисуси ишыргәамԥхо. Дара ргәы иахәоит арыцҳашьара злаз самариатәи ахаҵа иеиԥш зхы мҩаԥызго ауаа анырбо.
-
Дышԥарзыҟоу Иегова арыцҳашьара злоу ауаа?