Анажьра
Избан агәра ганы ҳзыҟоу Иегова гәыкала ишҳанаижьуа?
Аԥс 86:5; Дан 9:9; Мх 7:18
Шәахәаԥш иара убас 2Пт 3:9
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Аԥс 78:40, 41; 106:36—46. Израильаа лассы-лассы Иегова игәы шидырхьуазгьы, иара урҭ иранаижьуан.
-
Лк 15:11—32. Иисус Иегова шаҟа арыцҳашьара илоу даналацәажәоз, аб ииашамкәа зхы мҩаԥызгоз, аха нас иахьхәыз иԥа дышидикылаз атәы аҿырԥштәы ааигеит. Уи ала иаҳирбеит Иегова шаҟа гәыкала иҳанаижьуа.
-
Иҟаиҵазеи Иегова, ҳагәнаҳақәа ҳанаижьырц азы?
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Аур 9:22—28. Апостол Павел иҳәеит Иисус ҳара ҳзы ишьа ахькеиҭәаз абзоурала Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьлар шилшо.
-
Аат 7:9, 10, 14, 15. Апостол Иоанн иҳәеит Иегова «ԥхьаӡашьак змам ауаа рацәа» рыгәнаҳақәа шранаижьуа, избанзар дара Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара агәра ргоит.
-
Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи аӡәы ҳаниргәаауа ма ииашамкәа данҳазныҟәо, Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьларц ҳҭахызар?
Мф 6:14, 15; Мк 11:25; Лк 17:3, 4; Иак 2:13
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Иов 42:7—10. Елифази, Билдади, Цофари акгьы зхарамыз Иов ахара идырҵеит. Аха Иегова Иов дихәышәтәаанӡа, насгьы меигӡарахда дизылԥхаанӡа, раԥхьа урҭ ахҩык рзы диҳәарц иеиҳәеит.
-
Мф 18:21—35. Иисус еиҭеиҳәаз аҿырԥштәала ибзиаӡаны иаҳирбеит Иегова иҳанаижьларц ҳҭахызар, ҳаргьы егьырҭ иранаҳажьлар шҳахәҭоу.
-
Шаҟа ихадоузеи агәнаҳа шыҟаҳҵаз аартны аҳәара, насгьы гәыкала ахьхәра?
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Аԥс 32:1—5; 51:1, 2, 16, 17. Аҳ Давид иҟаиҵаз агәнаҳа ӷәӷәақәа ирыхҟьаны иламыс даргәаҟуан, насгьы гәыкала урҭ дрыхьхәуан.
-
Иак 5:14—16. Иаков иҳәеит агәнаҳа ӷәӷәа ҟаҳҵазар, аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы ҳрыҳәар шҳахәҭоу.
-
Иарбан ԥсахрақәоу иҟаҳҵар ҳахәҭоу, Иегова иҳанаижьырц ҳҭахызар?
Ажәм 28:13; Иса 55:7; Еф 4:28
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
1Аҳ 21:27—29; 2Аш 18:18—22, 33, 34; 19:1, 2. Аҳ Ахав ианеиликаа Иегова дахьирхәырц шиҭаху, ахынраалара ааирԥшит. Аха иара гәыкала игәнаҳақәа дырхьымхәӡеит, убри аҟынтә Иегова ианаимыжьӡеит, аҵыхәтәаны дагьҭаирхеит.
-
2Аш 33:1—16. Аҳ Манассиа агәнаҳа ӷәӷәақәа рацәаны иҟаиҵеит, аха гәыкала урҭ дрыхьхәит, Иеговагьы уи ианаижьит. Уи ашьҭахь Манассиа амцнцәахәқәа рымҵахырхәара ықәихырц, насгьы ауриацәа Иегова имаҵ руларц азы иҟаиҵаз рацәан.
-
Ишԥаранаижьуеи Иегова гәыкала зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа?
Аԥс 103:10—14; Иса 1:18; 38:17; Иер 31:34; Мх 7:19
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы
-
2См 12:13; 24:1; 1Аҳ 9:4, 5. Давид агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵеит, аха урҭ дрыхьхәит, убри аҟынтә Иегова ианаижьит. Аамҭак ашьҭахь Иегова Давид гәыкала изиашаз ауаҩ иеиԥш дихцәажәон.
-
Иабантәиҳдыруеи Иисус егьырҭ ишранажьлатәу аганахьала Иегова дшиҿыԥшуаз?
Аԥс 86:5; Лк 23:33, 34
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Мф 26:36, 40, 41. Иисус изааигәаз иҩызцәа рыцхыраара еиҳараӡак ианиҭахыз аамҭазы дара амхацәеит. Уи игәы шинархьызгьы, иара еиликаауан урҭ ицхраарц шырҭахыз, аха иааԥсаны ишыҟаз.
-
Мф 26:69—75; Лк 24:33, 34; Аус 2:37—41. Пиотр Иисус дсыздырӡом ҳәа ҳәаны хынтә мап ицәикит, аха уи гәыкала дахьхәит, Иисусгьы уи ианаижьит. Иара иԥсы анҭала ашьҭахь Пиотр дизцәырҵит, ԥыҭрак ашьҭахьгьы аизараҿы иҷыдоу адҵақәа ииҭеит.
-
Иабантәиҳдыруеи Иегова изанеимыжьуа шыҟоу?
Мф 12:31; Аур 10:26, 27; 1Ин 5:16, 17
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Мф 23:29—33. Иисус азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи ргәырҽаниҵеит русқәа ирхьымхәыр, геенна ишалажьхо, даҽакала иуҳәозар, наӡаӡа ишықәгахо.
-
Ин 17:12; Мк 14:21. Иисус Иуда Искариот дшиҭиуа идыруан, убри аҟынтә «аҭахара аԥа» ҳәа изиҳәеит, насгьы уи зынӡа дымизҭгьы изеиӷьын ҳәа иҳәеит.
-
Иҳацхраар алшозеи егьырҭ ранажьра?