Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

alfa27/stock.adobe.com

ИИСУС ХРИСТОС ИԤСРА АГӘАЛАРШӘАРАХЬ ААԤХЬАРА ИАЗКУ АКАМПАНИА

Иисус ацәгьоурақәа рҵыхәтәа ԥиҵәоит

Иисус ацәгьоурақәа рҵыхәтәа ԥиҵәоит

 Иисус ибзианы идыруеит ацәгьоурақәеи аиашамреи ирыхҟьаны агәаҟра закәу. Иара ихаҭагьы амц изҳәаны ахара идырҵеит, азин рымаӡамкәа дрыпҟеит, ииашамкәа иус рыӡбеит, нас дыргәаҟны дыршьит. Акгьы шихарамызгьы, Иисус дазхиан иԥсҭазаара дамеигӡакәа «ирацәаҩны ауаа иԥсы рыхҭынҵаны» рҿыхра (Матфеи 20:28; Иоанн 15:13). Уажәы иара Анцәа Иаҳра Аҳас дахагылоуп, иаарласныгьы адунеи зегь аҿы аиашара шьақәиргылоит, насгьы наӡаӡа ацәгьоурақәа рҵыхәтәа ԥиҵәоит (Исаиа 42:3).

 Абиблиа иаҳәоит Иисус иусқәа данрылагалак, адунеи зеиԥшрахо:

  •   «Ацәгьаҟаҵаҩ дықәӡаауеит, иҭыԥ ахь унаԥшыр, дубаӡом. Ауаа ҟәымшәышәқәа адгьыл рҭынхоит, насгьы аҭынчра нагӡа иалагәырӷьалоит» (Аԥсалом 37:10, 11).

 Ишԥаҳалшо Иисус иаҳзыҟаиҵахьо, насгьы иҵегь иаҳзыҟаиҵараны иҟоу ахә шаҳшьо ааҳарԥшыр? Лука 22:19 аҿы Иисус ишьҭанеицәа иԥсра ргәаладыршәаларц реиҳәеит. Убри азоуп Иегова ишаҳаҭцәа есышықәса иԥсра ргәаладыршәарц изеизо. Шәааҳаԥхьоит шәаргьы Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь. Сынтәа, 2024 шықәсазы, уи ҟалоит амҽыша, март 24 рзы.

Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара ахьымҩаԥысуа