АШӘА 69
Ҳаихоит ԥхьаҟа, ирылаҳәо Аҳра!
-
1. Ҳаихоит ԥхьаҟа, ирылаҳәо Аҳра,
Атәылақәа зегьы рҿы.
Деилыркаарц ҳҭахуп Анцәа иаша
Хынраалара злоу зегьы.
Ҳгәы иахәаны ажәабжь рызнаҳгоит,
Акыр иаҳзаԥсоуп ҳмаҵзура.
Амхурсҭаҿ ҳхандеиуеит, Иегова
Ҳаҿуп ихьӡ шаҳаҭра азура.
АХАПА
О, ԥхьаҟа шәцалароуп,
Аҳра аӡбахә ажәлар ираҳарц,
Ԥхьаҟа шәеихалароуп,
Иегова иганаҿы шәаанхарц.
-
2. Ауаа рацәа ҳабла ихгылоуп.
Ирыцми агәарҭа маҷ.
Аиаша ршьаҿа ацеихыргоит,
Ихыҽхәоит дара Ҳазшаз.
Ишыҟало иаарласны Аҳра,
Ауаа ираҳарц рықәнагоуп.
Ҳамшәозароуп имаҵ анаҳуа,
Иегова данҳацу ҳаӷәӷәоуп!
АХАПА
О, ԥхьаҟа шәцалароуп,
Аҳра аӡбахә ажәлар ираҳарц,
Ԥхьаҟа шәеихалароуп,
Иегова иганаҿы шәаанхарц.
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 23:4; Аус. 4:29, 31; 1 Пиотр 2:21.)