АШӘА 2
Уара иухьӡуп Иегова
(Аԥсалом 83:18)
-
1. Ҳазшаз Иегова ихьӡ
Хьӡыс иҟоу иреиҳами.
Уи имчра ҳаракыми.
Ҳанцәа Иегова уоуп.
Иҳаҭәоушьеит ҳаҭыр
Биԥарала, милаҭла,
Патула ухьӡ ҳаразкуа
Жәларыкны ҳаизганы.
АХАПА
Иегова, Иегова,
Иуцназго дҟалом.
Дгьыли-жәҩани рҟны иԥшьазааит
Уа ухьӡ илашало.
Зыгьзымчу уара уаӡәыкуп,
Ирдырааит уи ауаа.
Иегова, Иегова,
Иуцназго дҟалом, Ҳанцәа.
-
2. Уара ишуҭаху
Ҳара зегь ҳшьақәургылоит,
Аҽыԥсахрагьы ҳалшоит.
Ҳанцәа Иегова уоуп.
«Са сышаҳаҭцәа» ҳәа
Уа уоуп ҳара иаҳзызҳәаз,
Ҳара ҳнапы ианызҵаз
Жәабжь бзиа, ухьӡ иазку.
АХАПА
Иегова, Иегова,
Иуцназго дҟалом.
Дгьыли-жәҩани рҟны иԥшьазааит
Уа ухьӡ илашало.
Зыгьзымчу уара уаӡәыкуп,
Ирдырааит уи ауаа.
Иегова, Иегова,
Иуцназго дҟалом, Ҳанцәа.
(Уахәаԥш иара убас 2 Аш. 6:14; Аԥсал. 72:19; Ис. 42:8.)