Зхы мацара иазхәыцуа ауаа рацәахеит. Иҟаҵатәузеи урҭ ҳармеиԥшхарц азы?
ИГӘАШӘҬАЗАР ҟалап иахьа аӡәырҩы ауаа егьырҭ раасҭа еиӷьушәа рхы шырбо, насгьы ҷыдала урзыҟазар шырҭаху. Иагьа ибзианы урзыҟазаргьы, зегь маҷыршьоит. Уи зегь зыхҟьо рхы мацара иахьазхәыцуа, насгьы ирымоу пату ахьырзақәым ауп. Абиблиаҿы иануп аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ауаа убас ишыҟало (2 Тим. 3:2).
Зхы мацара иазхәыцуа ауаа ахаангьы иҟан. Раԥхьатәи ауаа, Адами Евеи, ацәгьеи-абзиеи закәу рхала ирыӡбаларц рҭаххеит. Урҭ иҟарҵаз иахҟьаны иахьа уажәраанӡа ҳгәаҟуеит. Ашәышықәсақәа рышьҭахь иудатәи аҳ Уззиа аныҳәарҭаҿы афимиам иблыр ҟалоит ҳәа иԥхьаӡеит. Аха иҟаиҵаз иашаӡамызт! (2 Аш. 26:18, 19). Иисус ихаан афарисеицәеи асаддукеицәеи Авраам ихылҵыз ахьракәыз азы Анцәа ҷыдала дырзыҟазароуп ҳәа рыԥхьаӡон (Матф. 3:9).
Иахьа иааҳакәыршаны зхы мацара иазхәыцуа, аԥагьара злоу ауаа рацәаны иҟоуп. Ҳара урҭ шхәыцуа еиԥш ахәыцра ҳалагар алшоит (Гал. 5:26). Иаҳҳәап, аҳаҭыр зқәу аҭакԥхықәрақәа ҳрыԥсоуп ҳәа, мамзаргьы ҷыдала иаҳзыҟазароуп ҳәа ахәыцра ҳалагар алшоит. Иҳацхраауазеи уи аҩыза ахәыцшьа аҽацәыхьчара? Раԥхьаӡа иргыланы Иегова дышхәыцуа еилаҳкаароуп, насгьы иара ҳаиҿыԥшлароуп. Уи аҿы абиблиатә принципқәа ҩба ҳацхраауеит.
Иегова иоуп изыӡбо ззин ҳамоу. Ҳрыхәаԥшып ҿырԥштәқәак.
-
Аҭаацәара иалоу аԥҳәыс лхаҵа пату иқәылҵалароуп, ахаҵа иакәзар, иԥҳәыс бзиа дибалароуп (Еф. 5:33). Иегова иҳәеит, хаҵеи-ԥҳәыси аромантикатә цәаныррақәа дара-дара рыбжьара мацара ауп иахьаадырԥшлаша ҳәа (1 Кор. 7:3). Ахәыҷқәа рҭаацәа ирзыӡырҩлароуп, аҭаацәа ракәзар, рхәыҷқәа бзиа ирбалароуп, иагьырхылаԥшлароуп (2 Кор. 12:14; Еф. 6:2).
-
Аизаразы гәыкала аџьабаа збо аизара ахылаԥшыҩцәа аҳаҭыр иаԥсоуп (1 Фес. 5:12). Аха дара аишьцәеи аиҳәшьцәеи раасҭа рхы ҳаракны ирымбалароуп (1 Пиотр 5:2, 3).
-
Анцәа аҳәынҭқарцәа азин риҭеит ашәахтә еизыргаларц. Иара иҭахуп ауаа аҳәынҭқарцәа ҳаҭыр рықәырҵаларц (Рим. 13:1, 6, 7).
Иегова ҳзыԥсоу аасҭа еиҳаны иаҳзыҟаиҵоит. Адам ихылҵыз ауаа зегьы агәнаҳа иаҵоуп, убри аҟынтә ҳара зегьы аԥсроуп иҳахәҭоу (Рим. 6:23). Аха Иегова гәыкала бзиа ҳаибоит, насгьы гәыҭбаарала даҳзылԥхоит (Аԥсал. 103:10, 11). Иаҳзыҟаиҵо аҳамҭақәа зегьы ҳзыԥсам иқьиара рнубаалоит (Рим. 12:6—8; Еф. 2:8).
МЫЦХӘЫ ҲХЫ ҲАЗЫМХӘЫЦЛАРЦ, НАСГЬЫ ҲХЫ ҲАРАҲАМКЛАРЦ АЗЫ ИҞАҴАЛАТӘУ
Ари адунеи иалаҵәаны иҟоу ахәыцшьа шәҽацәышәыхьчала. Ҳара иҳазгәамҭаӡакәа егьырҭ раасҭа ҳеиӷьуп, еиҳангьы ҳаԥсоуп ҳәа ахәыцра ҳалагар алшоит. Иисус еиҭеиҳәаз ажәамаанақәа руак аҿы ус ҳахьыр шҳалшо ҳирбеит. Иара еиҭеиҳәеит аӡахәаҭраҿы шьыжьы инаркны хәлаанӡа динарк ҳәа аусура иақәшаҳаҭхаз рыӡбахә. Амш аҩныҵҟа аԥшәма егьырҭ аусуҩцәагьы идикылон. Ахәылбыҽха зегьы динарк-динарк роуит. Аха шьыжьаахыс аус зуаз сааҭк аус зуаз раасҭа еиҳаны ироуроуп ҳәа ргәы иаанагеит (Матф. 20:1—16). Иаҳнарҵозеи Иисус еиҭеиҳәаз ари ажәамаана? Ҳара Иегова иҳаиҭо ахә ҳшьалароуп.
Егьырҭ ауаа ишәзыҟарҵо ахә шәшьала, насгьы аӡәы ак шәзыҟаиҵароуп ҳәа шәымхәыцлан (1 Фес. 5:18). Апостол Павел шәиҿыԥшла: аишьцәеи аиҳәшьцәеи ԥарала ицхраалар шрыхәҭазгьы, Коринф инхоз аишьцәа уи азы дрыҳәаӡомызт (1 Кор. 9:11—14). Ҳара иаҳзыҟарҵо зегь ахә ҳшьалароуп. Ак ҳзыҟарҵароуп ҳәагьы ҳамхәыцлароуп.
Ахынраалара еизшәырҳала. Зхы мацара иазхәыцуа ауаҩы имоу ахә ашьара даҟәыҵыр алшоит, насгьы еиҳаны саԥсоуп ҳәа дхәыцуа далагар ауеит. Ахынраалара уи аҩыза ахәыцшьа аҟынтә ҳахьчоит.
Аԥааимбар Даниил ахынраалара аганахь ала аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Иара еицырдыруаз аҭаацәараҿы диит, насгьы иԥшреи, исахьеи, ихшыҩи бзиан, абаҩхатәрагьы илан. Иара игәы иаанагар алшон иқәҿиарақәа зегь зыбзоуроу ихаҭа иоуп ҳәа (Дан. 1:3, 4, 19, 20). Аха Даниил ихы ҳареикӡомызт. Убри аҟынтә Иегова ихә ҳаракны ишьон (Дан. 2:30; 10:11, 12).
Ари адунеи аҿы аӡәырҩы ауаа рхы мацара иазхәыцуеит, насгьы рхы ҳараркуеит. Шәааи урҭ ҳармеиԥшхап. Уи аҭыԥан Иегова ҳзыԥсам ақьиара аарԥшны иаҳзыҟаиҵо зегь ҳаигәырӷьалап.