Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 47

Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь шәыбзиабара хьшәашәар жәымун

Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь шәыбзиабара хьшәашәар жәымун

«Бзиа ҳаибабалап, избанзар абзиабара Анцәа иитәу акоуп» (1 ИОАНН 4:7).

АШӘА 109 «Бзиа шәеибабала гәык-ԥсыкала»

АХҲӘАА a

1, 2. а) Избан Павел ахаҵареи, агәыӷреи, абзиабареи рыӡбахә аниҳәоз, абзиабара зегьы иреиҳауп ҳәа зиҳәаз? б) Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?

 АПОСТОЛ Павел ахаҵареи, агәыӷреи, абзиабареи рыӡбахә аниҳәоз, абас иҳәеит: «Еиҳа ихадоу — абзиабара ауп» (1 Кор. 13:13). Избан иара ус зиҳәаз? Аԥхьаҟа Анцәа адунеи ҿыц иазкны иҳаиҭаз ақәыргәыӷрақәа рыгәра ҳгалар акәхаӡом. Избанзар ҳгәыӷрақәа зегь наӡоит. Аха Иеговеи ауааи рахь иҳамоу абзиабара џьаргьы ицаӡом. Уимоу, уи наӡаӡа еиҳа-еиҳа еизҳалоит.

2 Ҳара абзиабара еснагь иаҳҭаххоит аҟынтә, шәааи х-зҵаарак ҳрылацәажәап. Актәи, избан бзиа ҳаибабалар зхадоу? Аҩбатәи, иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа ишаҳбо? Насгьы ахԥатәи, иҟаҳҵар ҳалшозеи иҳабжьоу абзиабара мыхьшәашәарц азы?

ИЗБАН БЗИА ҲАИБАБАЛАР ЗХАДОУ?

3. Иарбан мзызқәоу бзиа ҳаибабаларц азы иҳамоу?

3 Избан бзиа ҳаибабалар зхадоу? Амзызқәа руак: абзиабара — уи ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа егьырҭ ауаа изларылукаауа ҟазшьоуп. Иисус иапостолцәа иреиҳәеит: «Шәыбжьара абзиабара ҟалар, зегьы ирдыруеит сҵаҩцәа шшәакәу» (Иоанн 13:35). Иара убас абзиабара акзаара иацхраауеит. Павел иҩит абзиабара ҳшеиднакыло (Кол. 3:14). Аха бзиа ҳаибабалар зҳахәҭоу даҽа мзызкгьы ыҟоуп. Апостол Иоанн иашьцәеи иаҳәшьцәеи абас рзиҩит: «Анцәа бзиа дызбо, иашьагьы бзиа дибалароуп» (1 Иоанн 4:21). Ҳара бзиа ҳаибабозар, Анцәа бзиа дшаҳбо ааҳарԥшуеит.

4, 5. Иарбан ҿырԥшу иаҳзырбо Анцәа иахь ҳабзиабареи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ҳабзиабареи шеидҳәалоу?

4 Избан иаҳҳәар зҳалшо Анцәа иахь иҳамоу абзиабареи, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь иҳамоу абзиабареи еидҳәалоуп ҳәа? Шәазхәыц ҳгәи егьырҭ ҳцәеижь ахәҭақәеи шеидҳәалоу. Аҳақьым ҳнапаҿы апульс ангәеиҭо, ҳгәы аус шауа еиликаауеит. Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо ари аҿырԥштәы, ҳазлацәажәо атема инадҳәаланы?

5 Апульс ала аҳақьым еиликаауеит ауаҩы игәы ибзианы аус ауоу-иамуоу. Убас еиԥшҵәҟьа ҳаргьы егьырҭ ҳшырзыҟоу иаанарԥшуеит Анцәа шаҟа бзиа даҳбо. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ҳабзиабара аԥсыҽхара ишаҿу гәаҳҭозар, уи Анцәа еиҳа имаҷны бзиа ибара ҳшалагаз аанагозар алшоит. Аха ҳхаҵара ҳацеиҩызшо рахь аус аҿы абзиабара аарԥшра ҳхаҳмыршҭуазар, уи Анцәа иахь ҳабзиабара шыӷәӷәоу аанарԥшуеит.

6. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь ҳабзиабара хьшәашәозар, иҳанаҳәозеи уи? (1 Иоанн 4:7—9, 11).

6 Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь иҳамоу абзиабара ахьшәашәара иаҿызар, ак ҟаҳҵароуп. Избан? Избанзар уи ҳдоуҳатә гәабзиара ашәарҭара ишҭагылоу аанарԥшуеит! Апостол Иоанн уи абас дахцәажәеит: «Ублақәа рыла иубо уашьа бзиа думбозар, иумбо Анцәа бзиа дызлоубои?» (1 Иоанн 4:20). Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Бзиа ҳанеибабо ауп Иегова игәы ҳанақәшәо. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 4:7—9, 11.)

ИДҲАРБАР ШԤАҲАЛШО ҲАШЬЦӘЕИ ҲАҲӘШЬЦӘЕИ БЗИА ИШАҲБО?

7, 8. Идҳарбалар шԥаҳалшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа ишаҳбо?

7 Анцәа Иажәа зныкымкәа ҳаанаԥхьоит бзиа ҳаибабаларц (Иоанн 15:12, 17; Рим. 13:8; 1 Фес. 4:9; 1 Пиотр 1:22; 1 Иоанн 4:11). Аха абзиабара ауаҩы игәаҿы ауп иахьыҟоу, уи аӡәгьы дызҭаԥшӡом. Ишԥарылшо, нас, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳабзиабара рбар? Ҳара уи ҳажәақәеи ҳусқәеи рыла иааҳарԥшлар ҳалшоит.

8 Абар уи ҟаҳҵалар шҳалшо. «Аиаша еибышәҳәала» (Зах. 8:16). «Шәыбжьарагьы аҭынчра шәыхьчала» (Марк 9:50). «Ҳаҭыр анбасықәырҵо ҳәа шәымԥшыкәа, шәхаҭа егьырҭ ҳаҭыр рықәышәҵала» (Рим. 12:10). «Гәаартыла аишьцәа зегь шәыдышәкылала» (Рим. 15:7). «Гәык-ԥсыкала шәыгхақәа шәанеибажьла» (Кол. 3:13). «Шәеидара хьанҭақәа еицыжәгала» (Гал. 6:2). «Шәгәы шьҭибахла» (1 Фес. 4:18). «Шәеибарӷәӷәала» (1 Фес. 5:11). «Аӡәи-аӡәи шәзы Анцәа шәиҳәала» (Иак. 5:16).

Ишԥаҳалшо ауадаҩрақәа змоу ҳрыцхраалар? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 7—9.)

9. Избан агәышьҭыхра аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа ишаҳбо дырбаразы лшара бзиоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

9 Уажәраанӡа ҳзыԥхьаз абзац аҿы абзиабара ааҳарԥшлар шҳалшо знеишьақәак еиқәыԥхьаӡан. Шәааи руак ҳалацәажәап. Павел иҳәеит: «Шәгәы шьҭибахла». Избан агәышьҭибахра егьырҭ рахь абзиабара аарԥшразы лшара бзиоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо? Абиблиатә еилыркаагак аҿы «агәы ашьҭыхра» ҳәа еиҭагоу ажәа иаанагоит аԥышәара ӷәӷәа зхызго ауаҩы иааигәара аҟазаара. Ус анакәха ауадаҩра иҭагылоу ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ауаҩы игәы анышьҭаҳхуа, имч ҭаҳҵоит, насгьы анаҩсгьы гәыкала Анцәа имаҵ аура ҳицхраауеит. Ҳашьа ма ҳаҳәшьа ргәы ицхо аҳәара рҭаххацыԥхьаӡа ҳрывагылазар, бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит (2 Кор. 7:6, 7, 13).

10. Ишԥеидҳәалоу арыцҳашьареи агәышьҭыхреи?

10 Агәышьҭибахреи арыцҳашьареи иузеиҟәымго еидҳәалоуп. Арыцҳашьара злоу ауаҩы егьырҭ ргәы ашьҭыхра дашьҭоуп, ргәы иҭоу ахьаа иртәарц азы. Ус анакәха ҳара раԥхьа ауаҩы дрыцҳаҳшьоит, нас игәы шьҭаҳхуеит. Ҳахәаԥшып «арыцҳашьара Аб», Иегова, иҿырԥшы. «Учебная Библия» аҿы иануп: «Анцәа арыцҳашьара Аб, ма Ахыҵхырҭа, ҳәа изҳәоуп, избанзар иара уи ааирԥшуеит». Аӡыхь аҟынтә иаауа аӡы цқьа иӡышуа рымч ҭанаҵоит. Убас еиԥшҵәҟьа Иегова амчи агәышьҭыхреи зҭаху уи риҭоит. Убри азоуп иара изизҳәоу «агәырҭынчра Анцәа, иара ҳауадаҩрақәа зегь рҿы ҳгәы ирҭынчуеит» ҳәа (2 Кор. 1:3, 4). Ишԥаҳалшо ҳара Иегова ҳаиҿыԥшлар? Арыцҳашьара ааҳарԥшлароуп, насгьы егьырҭ ргәы шьҭаҳхлароуп. Уи ҳалшарц азы иаҭаху аҟазшьақәа еизҳарҳалароуп. Иарбан ҟазшьақәоу урҭ?

11. Иарбан ҟазшьақәоу еизҳарҳалар ҳахәҭоу егьырҭ ргәы ашьҭыхразы еиҳаны агәаҳәара ҳаурц азы? (Колоссаа рахь 3:12; 1 Пиотр 3:8).

11 Еснагь ҳгәы шьҭибахларц азы арыцҳашьареи ақьиареи реиԥш иҟоу аҟазшьақәа еизҳарҳалароуп. (Шәаԥхьа Колоссаа рахь 3:12; 1 Пиотр 3:8.) Шаҟа арыцҳашьареи ақьиареи ҳалоу аҟара, убриаҟара згәы ахьаа ҭоу ргәы ашьҭыхра ҳҭаххалоит. Иисус иҳәеит: «Ауаҩы игәы иҭоу ауп иҿы иаҳәо. Ауаҩ бзиа абзиоуп ииҳәо, избанзар игәы иҭоу бзиоуп» (Матф. 12:34, 35). Ҳара агәаҟра иақәшәаз аишьцәеи аҳәшьцәеи ргәы анышьҭаҳхуа урҭ бзиа ишаҳбо рбоит.

ИҞАҲҴАР ҲАЛШОЗЕИ ИҲАБЖЬОУ АБЗИАБАРА МЫХЬШӘАШӘАРЦ АЗЫ?

12. а) Избан ҳгәаҳҽанызар зҳахәҭоу? б) Еилҳаргозеи анаҩс?

12 Ҳара зегьы «бзиа ҳаибабалар» ҳҭахуп (1 Иоанн 4:7). Аха Иисус ҳгәыҳҽаниҵеит «ауаа реиҳараҩык абзиабара рцәыӡуеит» ҳәа (Матф. 24:12). Иисус ауаа реиҳараҩык рыӡбахә аниҳәоз, иҵаҩцәа ракәӡамызт зыӡбахә имаз. Аха уеизгьы ҳара ҳгәаҳҽанызароуп ари адунеи аҿы иҟоу ауаа реиԥш ҳахьшәашәаны, ҳхы мацара ҳазхәыцуа ҳҟамларц азы. Убри аҟынтә шәааи ҳалацәажәап аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь иҳамоу абзиабара шаҟа иӷәӷәоу аилкаара иҳацхраауа?

13. Ишԥаҳалшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи шаҟа иӷәӷәаны бзиа иаҳбо аилкаара?

13 Ҳабзиабара шаҟа иӷәӷәоу аилкааразы алшарақәа руак — уи ҳзықәшәо еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы ҳхы шымҩаԥаҳго азхәыцра ауп (2 Кор. 8:8). Иаҳҳәап, апостол Пиотр иҩит: «Зегь раԥхьаӡа иргыланы, гәык-ԥсыкала бзиа шәеибабала, избанзар абзиабара аазырԥшуа еснагь анажьра дазхиоуп» (1 Пиотр 4:8). Аишьцәеи аиҳәшьцәеи агхақәа анрыхьуа, ма ҳгәы анҳдырхьуа ҳхы шымҩаԥаҳго урҭ шаҟа бзиа иаҳбо аанарԥшуеит.

14. Бзиа иаҳбалар шԥаҳахәҭоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, 1 Пиотр 4:8 иану инақәыршәаны? Иаажәга аҿырԥштәы.

14 Шәааи Пиотр ииҳәаз арҭ ажәақәа еиҳа инарҭбааны ҳрылацәажәап. 8-тәи ажәеинраала актәи ахәҭаҿы иануп ҳара гәык-ԥсыкала бзиа ҳаибабалар шҳахәҭоу. «Гәык-ԥсыкала» ҳәа еиҭагоу ажәа ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, иаанагоит «аиҵыхра». Ажәеинраала аҩбатәи ахәҭаҿы иануп уи аҩыза абзиабара лҵшәас иаанаго, — уи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыгәнаҳақәа хнаҩоит. Шәхаҿы иаажәг абри аҩыза аҭагылазаашьа: ҳара ҳаҩнапык рыла абзиабара ибзианы еиҵыҵуа аба еиԥш еиҳа-еиҳа еиҵаҳхуеит. Ҳара уи ҟаҳҵоит акык-ҩбак гәнаҳа акәымкәа, ирацәаны агәнаҳақәа хнаҩаанӡа. Аба шәытарак аҵәахыр алшоит, убас еиԥш абзиабарагьы егьырҭ рынамӡареи рыгхақәеи хнаҩар ауеит.

15. Ҳгәы зызҭанаҵозеи абзиабара ӷәӷәа? (Колоссаа рахь 3:13).

15 Абзиабара ӷәӷәа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыгхақәа ранажьра ҳгәазҭанаҵоит, уи азы ирацәаны аџьабаа абара аҭаххаргьы. (Шәаԥхьа Колоссаа рахь 3:13.) Ҳара егьырҭ рыгхақәа ранаҳажьуазар, ҳабзиабара шыӷәӷәоу, насгьы Иегова иргәырӷьара шаҳҭаху ааҳарԥшуеит. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи иҵегьы егьырҭ рыгхақәа мыцхәы ҳарзымхәыцларц, насгьы иаҳгәамԥхо рҟазшьақәа гәаҳамҭаларц азы?

Ҳара зегь иреиӷьу апатреҭқәа роуп иаанҳажьуа. Убасҵәҟьа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирызку агәаларшәара бзиақәа роуп инҳажьуа, ҳгәы иамыхәо ҳхаҳаршҭуеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16, 17.)

16, 17. Иҳацхраауазеи иҵегьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи иҟарҵо иӷәӷәам гхақәак ҳхы рзымышьҭра? Иаажәга аҿырԥштәы. (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

16 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыгу акәымкәа, бзиарас ирылоу гәашәҭала. Иааҳгап ҿырԥштәык. Шәхаҿы иаажәг шәҩызцәеи шәареи шәеиқәшәазшәа. Аамҭа бзианы ишәхыжәгоит, насгьы шәеиԥырҵаанӡа апатреҭ еицҭышәхырц шәҭаххоит. Актәи апатреҭ ҽеимхар ауеит ҳәа даҽа ҩбагьы ҭышәхуеит. Уажәшьҭа шәара х-патреҭк шәымоуп. Аха нас игәашәҭоит руак аҿы иашьак уиаҟара иҽеимкәа дшалҵыз. Иазыжәуазеи уи апатреҭ? Шәара уи анышәхуеит, избанзар егьырҭ ҩ-патреҭк рҿы шәыззегьы, уи аиашьагь дналаҵаны, ибзианы шәалҵит.

17 Ҳгәалашәарақәа ус еиԥш иҟоу апатреҭқәа ирыҿҳарԥшыр ҳалшоит. Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аамҭа рыцыхгара ҳгәаԥхоит. Аха ҳхы шԥамҩаԥаҳго аӡәы ҳгәы ҳзырхьуа ак иҳәар ма иҟаиҵар? Ишәылшома иҽеимхаз апатреҭ шанышәхыз еиԥш уи шәхашәыршҭыр? (Ажәам. 19:11; Еф. 4:32). Ҳашьа ма ҳаҳәшьа уиаҟара иӷәӷәам рыгхақәа ҳгәалашәараҿы ааныжьра аҭахӡам, избанзар уи ауаҩы идҳәалоу ибзиоу агәалашәарақәа рацәаны иҳамоуп. Убарҭ рыхә ҳаракны иаҳшьалар ҳҭахуп!

ИЗБАН АБЗИАБАРА ИАХЬА ЕИԤШ АХААН ИЗХАДАМХАЦ?

18. Еилаҳкаазеи ари астатиа аҟынтә абзиабара иазкны?

18 Избан бзиа ҳаибабалар зхадоу? Ишаҳҳәахьоу еиԥш, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иаҳбозар, Иеговагьы бзиа даҳбоит. Ишԥаҳалшо абзиабара аус аҿы аарԥшра? Азнеишьақәа руак — уи аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхра ауп. Ҳгәы рыцҳашьарала иҳарҭәуазар, ҳара-ҳара ҳгәы шьҭибахлоит. Аха иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳабзиабара мыхьшәашәарц азы? Егьырҭ рыгхақәа ранаҳажьлароуп, уи мариамзаргьы.

19. Избан иахьа еиҳагьы бзиа ҳаибабалар зхадоу?

19 Избан иахьа еиҳараӡак бзиа ҳаибабалар зҳахәҭоу? Иазгәашәҭ апостол Пиотр мзызс иааигаз: «Иаарласны зегьы рҵыхәтәа ԥҵәоит». Убри аҟынтә иара ақьырсианцәа ргәазҭеиҵеит: «Гәык-ԥсыкала бзиа шәеибабала» (1 Пиотр 4:7, 8). Ҳара ицәгьоу ари адунеи аҵыхәтәаныҵәҟьа ҳанхоит. Ҳаззыԥшызар ҳалшозеи? Иисус заа иҳәеит: «Сыхьӡ азы ажәларқәа зегьы шәырцәымыӷхоит» (Матф. 24:9). Ауаа ҳахьырцәымӷу ҳхаҳгарц азы акзаара ҳмырӡроуп. Убасҟан Аҩсҭаа ҳаиирсырц шиҭахугьы, уи изалҵӡом. Избанзар абзиабара ҳаиднакылоит — «уи еиԥш ауаа еидызкыло ак ыҟам» (Кол. 3:14; Флп. 2:1, 2).

АШӘА 130 Шәыгәнаҳақәа шәанеибажьла

a Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь абзиабара аарԥшра иахьа еиԥш ахаан ихадамхацт. Избан уи зхадоу, насгьы ишԥаҳалшо урҭ иӷәӷәаны бзиа ишаҳбо дҳарбалар?