Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
Изыӡбода аизараҿы аӡәы дышлаԥшықәҵатәу: аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак акәу ма ақьырсиан хаҭала уи аҩыза аӡбара идикылоу? (2 Фессалоникаа 3:14).
Апостол Павел Фессалоника инхоз ақьырсианцәа абас рзиҩит: «Ари асаламшәҟәаҿы иаҳҳәаз иқәымныҟәо ауаҩы длаԥшықәҵаны дшәымаз» (2 Фес. 3:14). Уаанӡа ҳара иаҳҳәон ари ажәеинраалаҿы иану аизара ахылаԥшыҩцәа рзы иҟоу мҩақәҵароуп ҳәа. Аӡәы изныкымкәа алабжьарақәа ширҭахьазгьы, абиблиатә принципқәа рықәныҟәара мап ацәикуазҭгьы, аизара ахылаԥшыҩцәа аизараҿы угәуҽанызҵо ажәахә рыманы иқәгылар рылшон. Уи ашьҭахь ажәабжьҳәаҩцәа уи ауаҩы аамҭа ицыхгара иаҟәыҵуан.
Аха уажәы 2 Фессалоникаа 3:14 даҽакала еилаҳкаауеит. Павел дызлацәажәоз ҭагылазаашьақәак рҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи хаҭала ирыдыркыло аӡбарақәа ракәызҭгьы ҟаларын. Убри аҟынтә аизара ахылаԥшыҩцәа угәуҽанызҵо ажәахә рыманы иқәгылалар акәӡам. Избан уи аҩыза аԥсахра зыҟаҵаз? Шәааи аконтекст ҳахәаԥшып.
Павел иҩит фессалоникатәи аизараҿы шьоукы ишахәҭам рхы шымҩаԥыргоз. Дара иԥшьоу адоуҳала ироуз амҩақәҵарақәа ирықәныҟәаӡомызт. Павел уаанӡа Фессалоника даныҟаз иреиҳәахьан: «Аусура зҭахым акрагьимфалааит». Аха шьоукы уаанӡа еиԥш аус уны рхы аныҟәгара мап ацәыркуан, аус аура шрылшозгьы. Уи адагьы, ирусмыз рус аларҵон. Ирзыҟазар шԥахәҭаз ақьырсианцәа ус зхы мҩаԥызгоз ауаа? (2 Фес. 3:6, 10—12).
«Ари асаламшәҟәаҿы иаҳҳәаз иқәымныҟәо ауаҩы длаԥшықәҵаны дшәымаз», — иҳәеит Павел. «Длаԥшықәҵаны дшәымаз» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иаанагон ус еиԥш иҟоу ауаҩы иганахь ала агәҽанызаара шаарԥшлатәыз. Павел ари алабжьара аизара зегьы ириҭеит, аизара ахылаԥшыҩцәа рымацара ракәымкәа (2 Фес. 1:1; 3:6). Убри аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ақьырсианцәа руаӡәк абиблиатә лабжьара мап шацәикуа, насгьы ишахәҭам ихы шымҩаԥиго гәарҭозҭгьы, уи ишимацәажәало хаҭала аӡбара рыдыркылар рылшон.
Иаанагозма Павел имҩақәҵара ус еиԥш иҟоу ауаҩы ирылыргаз иеиԥш изыҟазар рыхәҭан ҳәа? (1 Кор 5:13). Мап. Избанзар Павел иҳәеит: «Анаҩсгьы шәашьа иеиԥш шәилабжьала». Убри аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи уи ауаҩы анаҩсгьы аизараҿы иацәажәалар, ажәабжьгьы ицырҳәалар рылшон, аха раамҭа ицыхгареи, рыԥсы ицшьареи рыхәҭаӡамызт. Избан? «Ихымҩаԥгашьа дацәыԥхашьарц азы», — иҳәеит Павел. Ус еиԥш иҟоу ақьырсиан аамҭа ицыхгара ишаҟәыҵыз анибалак, ихымҩаԥгашьа дацәыԥхашьаны иҽиԥсахыр алшон (2 Фес. 3:14, 15).
Иқәныҟәалар шԥарыхәҭоу ақьырсианцәа иахьа ари амҩақәҵара? Зегь раԥхьа иргыланы уи ауаҩы ишахәҭам ихы шымҩаԥигаҵәҟьо еилкаатәуп. Павел зыӡбахә иҳәоз ламысла ма хәаԥшышьала иҳаиԥшым ауаа ракәӡамызт. Иара убас ҳгәы ҳзырхьыз ауаа ракәӡамызт дызлацәажәоз. Павел зыӡбахә иҳәоз еилыкка иҟаз, Абиблиа шьаҭас измаз амҩақәҵарақәа ирықәымныҟәоз ракәын.
Ақьырсиан уи аҩыза аҳәатәхамҵара шааирԥшуа гәаҳҭозар a, уи аамҭа ицыхгареи ҳаԥсы ицшьареи шҳахәҭам аӡәы иҳаиҳәаанӡа ҳаԥшымзароуп. Ҳара уи ҳхала иҳаӡбоит. Ус шаҳаӡбазгьы аӡәгьы иаҳҳәаӡом, ҳҭаацәара иатәу рыда. Аха уаанӡа ишыҟаҳҵалац еиԥш, уи ауаҩы аизарақәа рҿы ҳиацәажәалоит, ажәабжьҳәарагьы ҳиццалоит. Уи ихымҩаԥгашьа аниԥсахлак, уаанӡа еиԥш ҳаизыҟазаауеит.
a Иаҳҳәап, ақьырсиан аус уны ихы ныҟәигартә алшара шимоугьы, уи мап ацәикуеит; аӡәгьы дизымӡырҩӡакәа ихаҵара ицеиҩызымшо ауаҩы аҭаацәара ицалалара дашьҭоуп; ицәажәарақәа рыла аизараҿы акзаара ирӡуеит, ма ԥырхага узаазго уҳәан-сҳәан рылаирҵәоит (1 Кор. 7:39; 2 Кор. 6:14; 2 Фес. 3:11, 12; 1 Тим. 5:13). Ус еиԥш иҟоу ақьырсианцәа рзоуп ишахәҭам рхы мҩаԥыргоит ҳәа зану.